Амениу
14 Лаҵара 2024
04:57
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп
Аԥсуа литература абду,
аԥсуа ҭҵаарадырра
ахацыркҩы Дырмит Гәлиа
Дырмит Гәлиа Аԥсны раԥхьаӡатәи алитераторс дыҟанаҵ есқьынагьы
дашьҭан, илшозгьы зегь ҟаиҵон, алитературеи, акультуреи,
аҭҵаарадырреи рахь аҿар рхы дырхарцазы.
«Ҿыц ҳаиҭеиуеит»: афырхаҵа
Мушьни Хәарцкьиа изкны
баҩхатәра злаз археолог Мушьни Хәарцкьиа иԥсҭазаара аҭҵаарадырра
иазикыр илшон, аарҭра ҿыцқәа рацәангьы иҟаиҵашан, аха иԥсадгьыл
зҭагылаз аԥышәара аамҭа иара иԥсҭазаарагьы ианымԥшыр амуит, абџьар шьҭихит.
я
«Ажәлар рымцахә змырцәо»
АЛЫҚЬСА ГОГӘУА ИМШИРА ИАЗКНЫ
Ахаризма змаз аԥхьагыла:
Аԥсны аҩбатәи ахада
Сергеи Багаԥшь
Сергеи Багаԥшь наунагӡа иԥсадгьыл аҭоурых аҿы даанхоит
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара зхааны иҟалаз атәыла ахада иакәны.
Хәажәкыра 4 рзы Аԥсны аҩбатәи ахада ихыҵуазаарын 70 шықәса.
Владислава Арӡынба:
аибашьреи аҭынчреи
Владислав Арӡынба Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы дцәырҵит
ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас
дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аԥызара рызуа.
Хьыбла Гьерзмаа
Аԥсныи Урыстәылеи
«рыхьтәы сопрано»
Ахьӡ Хьыбла аԥсышәала «зыблақәа хьыԥшшәылоу»
ҳәа аанагоит, акритикцәа ракәзар Урыстәыла
«ахьтәы сопрано» ҳәа ахьӡ лхырҵахьеит.
Аҧсшәа, ма абаза бызшәа
шәҵар шәҭахума?
Авидеоурокқәа ахьыҟоу ҳканал шәҭала!
Аԥсуааи ашәуааи:
иуникалтәу амилаҭтә
культура аныҟәгаҩцәа
Зхылҵшьҭреи зҭоурыхи еизаку аԥсуааи ашәуааи рыбзазара,
рнапҟазара ахкқәа, рмилаҭтә ҵас-қьабзқәа уҳәа ирызку
аетнографиатә очеркқәа рцикл.
Аԥсуа Нарҭтә епос:
илегендартәу жәлар раԥҵамҭа
Нарҭаа репос – изхылҿиааз ажәлар рҭоурых иацаԥхоуп,
убасгьы иацаԥхоуп урҭ ркультура, дацла ажәытәрахь ицо.
Аԥшьаҭыԥ, мамзаргьы
архитектуратә баҟа:
Бедиатәи аныхабаа
Бедиатәи аныхабаа ргылан 999 шықәсазы, Тҟәарчал араион
иатәу Агәыбедиа ақыҭа иахьаҵанакуа ашьхаҟьаҟьаҿы.
Ари ақьырсиантә ныхабаа Аԥсны анҭыҵ хараӡа ирдыруеит.
Абаза бызшәала шәцәажәала:
абаза бызшәа иацы, иахьа, уаҵәы
Абаза бызшәа ҩ-диалектк амоуп: тапанҭатәи – уи алитературатә бызшәа шьаҭас иазылхуп,
нас ашьхарыуатәи. Аҩ-диалектк иахьа ахархәара рымоуп.
Аԥсуаа рышәк: хьаҵрак ззымдыруаз
арыцарцәа иашақәа
2019 шықәсазы 105 шықәса ҵуеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра
иалагеижьҭеи, уи аибашьра адәаҿы афырхаҵара дуӡӡеи Аԥсадгьыл ахь
еицакра зқәым абзиабареи аадырԥшит аԥсуа ҵеицәа.
10.05.2024 20:40
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Иааҧсаз, аха згәы алаҟоу: Аҷандаратәи ашколхәыҷқәа “Аимадара” апроект аҿы

Апроект “Аимадара” аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша еиҿнакааит Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Уажәазы аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа аҭааит Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧи Мықәтәи ауахәамеи. 

Аныҟәара ахыркәшамҭазы алахәҩцәа ирзыҧшын ргәы иаахәаша аҳамҭа - иблахкыгоу Аӡына аҩхааҿы апикник. 

0
10.05.2024 19:41
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Олег Бебиа игәалашәара иазкны

Аҧсни Урыстәылеи аспорт зҽаҧсазтәыз азҟаза Олег Бебиа дҭахеит лаҵарамза 10, 2023 шықәса рзы, ахәцәа рҭыгараан, иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаҧысуа аҵакырадгьыл аҿы. Иааирҧшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианаршьеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра амедали, Афырхаҵаразы аордени, ахьы иалху Гьаргь иџьар 1-тәи аҩаӡареи. «Сокол» ҳәа ахьӡ ҷыда змаз аибашьҩы иҧсҭазаареи иҭахареи ирызкны шәаҧхьа ажурналист, АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаҧҳа лматериал аҿы. 

https://abaza.org/abk/1160

0
09.05.2024 20:31

АААК еиҿнакааит Аӡҩыбжьатәи ашкол аҵаҩцәа рзы аекскурсиатә мшы 

Апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша имҩаҧнагеит А. М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Аиҳабыратә классқәа рыҟнытә 20-ҩык аҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи Афонҿыцтәи аҳаҧы иаҭааит, анаҩс Аҧсаратәи ашьха ақәцә ахь ихалеит. Убла хызхуа аҭыҧқәеи, ибеиоу урҭ рҭоурыхи еицыз зегьы хнахит. Аекскурсиа зеиӷьыҟам ала ахәыҷқәа рхаҿы иаанхеит, агәаҳәара ду рнаҭеит. Ирацәоуп рхазы иҿыцны иаадыртыз. Хҭысла ибеиаз амш хыркәшан пикникла, еилашуа аӡиас Ҧсырӡха ахықәан.

0
09.05.2024 19:50
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, АААК ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рыхьӡ ргәаладыршәеит

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, Санкт-Петербург иҟоу АААК аҟәшеи, Санкт-Петербургтәи аҧсуа диаспореи, А. Ф. Можаиски ихьӡ зху Арра-космостә академиа акурсантцәеи рхы аладырхәит 1941-1945 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахыз рыхьӡ агәаларшәара. Ацеремониа алахәҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ҟарачы-Черқьесиеи Аҧсни рҵеицәа анышә иахьамадоу Пискаревтәи аҧсыжырҭаҿы. 

Архивтә материалқәа инарықәыршәаны, Асовет ари, Арра-мшынтә флоти рахь Аҧснынтәи инаҧхьан 55,5 нызқьҩык. Афронт аҟнытә ихнымҳәит 17 нызқь инареиҳаны ауаа. 

Ҟарачы-Черкесиантәи арра инаҧхьан 46 нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжаҩык аҩныҟа изыхнымҳәит.

0
07.05.2024 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан имҩаҧнагеит адиспансеризациа. Ишаҧу еиҧш, адиспансеризациа ҩ-етапк рыла ишьақәгылан: раҧхьатәи амш азы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи азеиҧш ҭҵаара амҩаҧгареи, ашьақар аҩаӡара агәаҭареи рзы ашьа рылырхит, аҩбатәи амш азы урҭ аҭҵаарақәа рылҵшәақәа анроу, ақыҭахь ирзымҩахыҵыз аҳақьымцәа рҿы агәаҭара иахысит.
Зеиҧшла адиспансеризациа рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Агәабзиаратә шьақәҟьарақәа здырбалаз хәыҷи-дуи зегьы инацҵаны ргәаҭаразы адәықәҵабӷьыц рырҭеит. 

Аҧсны ақыҭа школқәа рҿы адиспансеризациа амҩаҧгара - атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнаго проектуп.

0
Остальные события
Ашә Аҩ Ах Аԥ Ахә Ас Ам
1
2
3
4
5
6
7
8
9
10
11
12
13
14
15
16
17
18
19
20
21
22
23
24
25
26
27
28
29
30
31
Гета Арӡын-ԥха
Метэан Соыкуввет
Шамиль Сеихан
Иылдыраи Ёрум
Диана Берулава
Ирма Цкуиа
Мустафа Нур Истанбулы
Мухамед Куашба
Джанета Кябишева
Иомер Буӷра Башар
Жанна Пархоменко
Амина Мария Лазба

Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала

Иҭабуп Аконгресс апроектқәа рыҿиара шәахьалахәу!

Аконгресс алалара

Арзаҳал ахарҭәаара